Ника Мелиа - Ажәлар ргәазыҳәара нагӡатәуп, атәылаҿ акоалициатә напхгараҭара еиҿкаатәуп
«Ажәлар ргәазыҳәара нагӡатәуп, атәылаҿ акоалициатә напхгараҭара еиҿкаатәуп, Биӡина Иванишвили анапхгара ажәлар риҭароуп», — «Аԥсахрақәа рзы акоалициа» алидерцәа руаӡәы Ника Мелиа.
«Ақырҭуа уаажәлар аиааира рыдысныҳәалоит, ҳполитикатә хәаԥшышьа аиԥшымра иахәамԥшыкәа, ҳаззегьы ҳақәԥон. Алхыҩцәа реиҳара алхрақәа рышҟа инеит атәылаҿ аԥсахрақәа мҩаԥгахарц азы. Аоппозициатә партиақәа зегьы абариер иахьахысыз даараӡа сеигәырӷьоит. Ажәлар ргәазыҳәара нагӡатәуп, атәылаҿ акоалициатә напхгараҭара еиҿкаатәуп, Биӡина Иванишвили анапхгара ажәлар риҭароуп», — иҳәеит Ника Мелиа.
Ателеканал «Имеди» имҩаԥнагаз аекзитпол «Gorbi» адыррақәа рыла, асааҭ 18:00 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ала, апарламенттә алхрақәа рҿы абжьқәа абас ишоуп: «Ақырҭуа гәахәтәы – адемокртаитә Қырҭтәыла» — 56,1%. «Акзаара – Амилаҭтә ҵысра» – 11,6% «Иӷәӷәоу Қырҭтәыла – Лело» – 7,0% «Аԥсахрақәа рзы акоалициа – Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа» – 12,6%, «Гахариа Қырҭтәылазы» — 4,8%.
Ателеканал «Мҭавари» имҩаԥнагаз аекзитпол , «Ақырҭуа гәахәтәы » — 42%; «Аԥсахрақәа рзы акоалициа – Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа» — 18%; «Акзаара – Амилаҭтә ҵысра» – 13%; «Иӷәӷәоу Қырҭтәыла – Лело» – 9%; «Гахариа Қырҭтәылазы» — 8%.