Ника Кварацхелиа дыршьит ҳәа гәҩарас ирымоу ауааҧсыра латәарада ахара рыдырҵеит
Ника Кварацхелиа дыршьит ҳәа гәҩарас ирымоу ауааҧсыра латәарада ахара рыдырҵеит

Ника Кварацхелиа дыршьит ҳәа гәҩарас ирымоу ауааҧсыра иацы латәарада ахара рыдырҵеит, — ари атәы аалыцҳаит ахара зду  Ако Ҷелиӡеи Гьаргь Кавилаӡеи рдукат Дали Барбақаӡе.

Лара ишылҳәаз ала, ахара зду рҭаацәа аусеилыргаҩцәа аус рыцыруеит, аха, рыҷкәынцәа ахьыҟоу рыздырӡом.

Дали Барбақаӡе лҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра ахара рыдҵаразы шьаҭас иҟаз авидеонҵамҭа длырбеит. Авидео аҿы  Кавилаӡеи Ҷелиӡеи Ника Кварацхелиа ицклаҧшуеит.

Ника Кварацхелиа цәыббра 15 рзы Қарҭ агәҭаны иеихсны дыршьит.