Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы ишаарыцҳаз ала,  Ника Кварацхелиа ишьра аус аартуп
Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы ишаарыцҳаз ала,  Ника Кварацхелиа ишьра аус аартуп

Аполициа аусзуҩцәа цәыббра 15 рзы Қарҭ  Ника Кварацхелиа  хықәкыла ишьра аус аадыртит, — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, Ника Кварацхелиа ишьразы гәҩарас ирымоуп                                     2000 шықәсазы ииз А.Ч. , иара убас,   1999 шықәсазы ииз Г.К.. Дара заанаҵы аплан еиқәыршәаны ирыман. Лымкаала,  сынтәа,  цәыббра 15 рзы,  зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра, кьырала амашьына рган, Верико Анџьаҧариӡе лыхьӡ зху амҩашҟа инеины, Кварацхелиа ихаҩеит.

Иара убас, ишеилкаахаз ала,  А.Ч. жәантә Кварацхелиа диеихсит.

Хара имгакәа, Ника Кварацхелиа ахәышәтәырҭаҿ дыҧсит.

А.Ч.-и Г.К.-и рыҧшаареи раанкылареи амзызла  аоперативтә – аҧшааратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит», — иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.