Нидерланды  урыстәылатәи аенергоресурсқәа римпорт иаҟәыҵуеит  2022 шықәса анҵәамҭазы
Нидерланды  урыстәылатәи аенергоресурсқәа римпорт иаҟәыҵуеит  2022 шықәса анҵәамҭазы

Нидерланды  урыстәылатәи аенергоресурсқәа римпорт иаҟәыҵуеит  2022 шықәса анҵәамҭазы. Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аклимати аенергетикеи рзы аминистр Роб Иеттен.

Нидерланды аиҳабыра аенергетикатә еилахәырақәа аҧара рзоурышьҭуеит ашықәс анҵәамҭанӡа аҵәахырҭа Бергемеер аҿы аҧсабаратә газ аҭаҵәах 70%-нӡа ахарҭәааразы, уи азы инырхуеит 623 миллион евро. Асубсидиақәа рпрограмма азымхар,  уажәтәи ахә ала аҧсабаратә газ аахәара иадҳәалоу егьырҭ ахарџьқәа ихнаҩуеит аҳәынҭқарратә енергетикатә еилахәыра  «Energie Beheer Nederland».