Нидерланды  Қырҭтәыла ианаршьеит  "авирус аҿкаара аганахьала даараӡа ишәарҭоу атәыла" астатус

Нидерланды  Қырҭтәыла ианаршьеит  “авирус аҿкаара аганахьала даараӡа ишәарҭоу атәыла” астатус.  Аӡбара амч аиуеит нанҳәа  8 рзы.

Аҳәамҭа ишану ала, Қырҭтәылантә Нидерланды инеиуа апассаџьырцәа зегьы хымҧада  10-мштәи аҽыҧхьакра/карантин  иахысроуп.

«Қырҭтәылантә Нидерланды инеиуа апассаџьырцәа зегьы, хымҧада, 10-мштәи аҽыҧхьакра/карантин иахысроуп, дара авакцинациа акурс наӡа мҩаҧыргахьазаргьы. Аҽыҧхьакраҿы иҟоу ауаҩҧсы ахәбатәи амш азы атест ҟаҵаны, иҵоурам аҭак иоур, аҽыҧхьакра далҵыр илшоит», — иануп аҳәамҭаҿы.