NDI -  Изызҵааз рҟынтәи 28% атәыла аҧыза-министр иусушьа ргәаҧхоит,  35% иргәаҧхом, 40% атәыла ахада лусушьа ргәаҧхом  
NDI -  Изызҵааз рҟынтәи 28% атәыла аҧыза-министр иусушьа ргәаҧхоит,  35% иргәаҧхом, 40% атәыла ахада лусушьа ргәаҧхом  

 

Изызҵааз рҟынтәи 40%  Қырҭтәыла  ахада лусушьа ргәаҧхом,   апарламент аусушьа ргәаҧхом  41%,  аҧыза-министр иусушьа ргәаҧхом 35%, — иануп Амилаҭтә демократиатә институт аҭҵаарақәа рҿы.

Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, изызҵааз рҟынтәи   43% атәыла ахада хар лымамкәа аус луеит ҳәа ргәы иаанагоит,  40% лусушьа ргәаҧхом, 12% иргәаҧхоит,  5%  ари азҵааразы аҭак рзыҟамҵеит.

Қырҭтәыла аҧыза –министр иусушьа ргәаҧхом  35% ареспондентцәа,  33% ргәаанагарала, аиҳабыра рнапхгаҩы хар имамкәа аус иуеит, 28% иусушьа ргәаҧхоит,  4% ари азҵааразы аҭак рзыҟамҵеит.

Апарламент аусушьа иадҳәаланы абарҭ алҵшәақәа иҟоуп: изызҵааз рҟынтәи  45% апарламент хар амамкәа аус ауеит ҳәа ргәы иаанагоит,  41% —  апарламент аусушьа ргәаҧхом, 9%  иргәаҧхоит.