NDI аҳасабырба - Қырҭтәыла атәылауаа Евроеидгыла алалара еиҭах иадгылоит
NDI аҳасабырба - Қырҭтәыла атәылауаа Евроеидгыла алалара еиҭах иадгылоит

«Амилаҭтә демократиатә институти» (NDI) «CRRC[1]-Қырҭтәылеи» иахьа ицәырыргаз аҭҵаарақәа  инрықәыршәаны, Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара европатәии ероатлантикатәи хырхарҭа иадгылоит.

NDI аинформациа ала, аҭҵаара абҵара 8 рзы ицәыргаз Еврокомиссиа аҳасабырба ацәыргаранӡа мҩаԥган, Қырҭтәыла ауааҧсыра 79% европатәии ероатлантикатәи хырхарҭа иадгылоит.

„Аҵыхәтәантәи ашықәс азы Евроеидгыла аполитикатәии аекономикатәи партниорс иԥхьаӡо Қырҭтәыла атәылауаа рхыԥхьаӡара иазҳаит”, – иануп аларҵәара зауз аҳәамҭа аҿы.

Аҭҵaaрa мҩaҧгaн  2023 шықәса жьҭаара 14 инаркны абҵара 4 нӡа  Қырҭтәылa иахьаҵанакуа (импыҵaхaлоу aҵaкырaдгьылқәa рыдa aтәылaҽaцәқәa зегьы рҟны, aҭҵaaрa рхы aлaдырхәит 2,068-ҩык. NDI aҭҵaaрaқәa Бритaниa ду aиҳaбырa UKaid aфинaнстә цхырaaрa aлa имҩaҧысуеит. Аҭҵaaрa мҩaҧнaгит СRRС Қырҭтәылa.