NDI – Изызҵааз рҟынтә 19% шырҳәаз ала, "Ақырҭуа гәахәтәы" ахәаҧшырақәа иаҳа ирзааигәоуп, "Амилаҭтә ҵысра" иадгылоит  4%
NDI – Изызҵааз рҟынтә 19% шырҳәаз ала, "Ақырҭуа гәахәтәы" ахәаҧшырақәа иаҳа ирзааигәоуп, "Амилаҭтә ҵысра" иадгылоит 4%

Қырҭтәыла шәинтересқәа ирықәныҟәо апартиа иҟоума ҳәа ауаа ианразҵаа, абарҭ аҭакқәа роуит: ааи — 31%; мап – 61%; исыздырӡом — 6%;  аҭакҟаҵара рҭахымхеит  — 3%.

Иарбан партиоу зегьы реиҳа ишәзааигәоу ҳәа иқәыргылаз азҵааразы абас аҭак ҟаҵан — 47% ишырҳәаз ала, уи аҩыза апартиа иҟам,  изызҵааз рҟынтә 19% шырҳәаз ала, “Ақырҭуа гәахәтәы” ахәаҧшырақәа иаҳа ирзааигәоуп, аҭакҟаҵара рҭахымхеит  — 13%, ирыздырӡом — 6%. “Амилаҭтә ҵысра” – 4%, егьырҭ апартиақәа – 12%   «Ақырҭуа гәахәтәы» еиҕьаршьоит;

NDI аинформациа ала, аҭҵaaрa мҩaҧгaн  2023 шықәса жьҭаара 14 инаркны абҵара 4 нӡа  Қырҭтәылa иахьаҵанакуа (импыҵaхaлоу aҵaкырaдгьылқәa рыдa aтәылaҽaцәқәa зегьы рҟны, aҭҵaaрa рхы aлaдырхәит 2,068-ҩык. NDI aҭҵaaрaқәa Бритaниa ду aиҳaбырa UKaid aфинaнстә цхырaaрa aлa имҩaҧысуеит. Аҭҵaaрa мҩaҧнaгит СRRС Қырҭтәылa.