NDI – Изызҵааз рҟынтә 25% шырҳәаз ала, "Ақырҭуа гәахәтәы" ахәаҧшырақәа иаҳа ирзааигәоуп, "Амилаҭтә ҵысра" иадгылоит 6%
NDI аҭҵаара ҿыц инақәыршәаны, Қырҭтәыла аполитикатә партиакгьы ауаа ринтересқәа ирызҿлымҳам.
Қырҭтәыла шәинтересқәа ирықәныҟәо апартиа иҟоума ҳәа ауаа ианразҵаа, абарҭ аҭакқәа роуит: ааи — 31%; мап – 61%; исыздырӡом — 6%; аҭакҟаҵара рҭахымхеит — 3%.
Иарбан партиоу зегьы реиҳа ишәзааигәоу ҳәа иқәыргылаз азҵааразы абас аҭак ҟаҵан — 39% ишырҳәаз ала, уи аҩыза апартиа иҟам, 25% «Ақырҭуа гәахәтәы» еиҕьаршьоит; аҭак ҟарымҵеит — 10%; исыздырӡом — 7%; «Иаку амилаҭтә ҵысра» — 6%; егьырҭ апартиақәа – 13%.
Аҭҵаара авторцәа ишырҳәаз ала, аҭҵаарақәа мҩаҧган атәыла зехьынџьара, зықәра наӡоу ауааҧсыра рыгәҭа, ҧхынҷкәын 3 инаркны 20-нӡа (импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рыда). Зынӡа ианҵан 2519 аинтервиу.