НАТО-Қырҭтәылатәи азеиҧш азыҟаҵаратә центр аҿы азыҟаҵарақәа НАТО-Қырҭтәыла 2025 иалагеит
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра имҩаҧнагоит арратә азыҟаҵарақәа НАТО-Қырҭтәыла 2025. Азыҟаҵарақәа аофициалла иаартын Крҵаниси иҟоу азеиҧш арратә центр аҿы.
Арҭ азыҟаҵарақәа Қырҭтәыла имҩаҧысуеит хышықәса рахь знык.
«Азыҟаҵарақәа НАТО-Қырҭтәыла 2025» еиҿкаауп Европа иҟоу НАТО Иреиҳаӡоу анапхгареи Қырҭтәыла Арбџьармчқәа рштаб хадеи рыла. Азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит НАТО апроцедурақәеи адокринақәеи ирышьашәалоу асценари ала. Амилаҭрацәалатә азыҟаҵарақәа ирылахәып 17 ҳәынҭқаррақәа: Қырҭтәыла, Болгариа, Франциа, Германтәыла, Бырзентәыла, Венгриа, Италиа, Литва, Польша, Словакиа, Ҭырқәтәыла, Британиа Ду, Америка, Азербаиџьан, Молдова, Шәамахьтәыла, Тунис. Ари апроцесс иалахәып иакымкәа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи арратә хәҭақәеи. Иара убас, азыҟаҵарақәа ирыҵанакуеит НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа ала иҳәаақәҵоу 6 инициативак.