"НАТО-Қырҭтәыла - азыҟаҵарақәа 2025" ихыркәшоуп
"НАТО-Қырҭтәыла - азыҟаҵарақәа 2025" ихыркәшоуп

НАТО еидҵоу мчқәа рзыҟаҵаратә центр (JFTC) аҿы имҩаԥысуаз “НАТО-Қырҭтәыла – азыҟаҵарақәа 2025” ихыркәшоуп, – аарыцҳаит Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

Ацентр аиҳабы аполковник Давид Гагуа азыҟаҵарақәа рылахәылацәа аҿанҵахәытә аҭаӡҩыра хәыҷқәа ранаишьеит.

“НАТО-Қырҭтәыла – азыҟаҵарақәа 2025” рҳәаақәа ирҭагӡаны, 12-тәи абаталион актәи ашьаҟартә бригада иаҵанакуа арота “Чарли” алахәылацәа  OCC E&FP асертификатқәа ранашьан.

“НАТО-Қырҭтәыла – азыҟаҵарақәа 2025” Европаҿ НАТО еидҵоу пбџьпрмчқәп иреиҳаӡоу рԥызареи (SHAPE) Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәеи еицымҩаԥыргеит. Азыҟаҵарақәа рхы аладырхәит 17 тәылақәа рхаҭарнакцәа.