НАТО асаммит акоммиунике  -  2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аҿы иҳадаҳкылаз аӡбара шьақәҳарҕәҕәоит, Қырҭтәыла Алианс алахәылас иҟалоит,  ауснагӡатәқәа рплан  ари апроцесс иузалымхуа хәҭоуп
НАТО асаммит акоммиунике  -  2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аҿы иҳадаҳкылаз аӡбара шьақәҳарҕәҕәоит, Қырҭтәыла Алианс алахәылас иҟалоит,  ауснагӡатәқәа рплан  ари апроцесс иузалымхуа хәҭоуп

2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аҿы иҳадаҳкылаз аӡбара шьақәҳарҕәҕәоит, Қырҭтәыла Алианс алахәылас иҟалоит,  ауснагӡатәқәа рплан (MAP)  ари апроцесс иузалымхуа хәҭоуп, – иануп Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит актәи амш акоммиунике аҿы.

Акоммиунике ишану ала, евроатлантикатә интеграциа апроцессаҿ апрогресс иҟазарцаз,  Қырҭтәыла ареформақәа рынагӡара апроцессаҿ ақәҿиара амазароуп, ҷыдала, ахадаратә демократиатә реформақәа рынагӡара ахырхарҭала, иара убас, Қырҭтәыла ашықәстәи амилаҭтә программа инагӡаны ахархәара алшароуп.

„Ҳара ишьақәҳарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло. Адәныҟатәи мчқәа рҽалагалара ада ахатә аҧеиҧши адәныҟатәи аполитикатә хырхарҭеи  аҳәаақәҵаразы Қырҭтәыла иамоу азин ҳадгылоит.  Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алыргарц.

Иара убас, ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Қырҭтәылатәи арегионқәа, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рызхаҵара иазку аӡбара аҧырырхырц; абарҭ арегионқәа рмилитаризациеи  ишьақәдыргылаз аҳәаала абарҭ арегионқәа Қырҭтәыла адхреи иаҟәыҵырц; ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи ауаа раҳаҭыр аларҟәреи иаҟәыҵырц, закәандарала ауаа раанкылареи Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа рыларҟәреи иаҟәыҵырц.

Ҳара НАТО аоперациақәа рҿы Қырҭтәыла алагала ду ахә ҳшьоит, уи алагьы ишьақәырҕәҕәоуп Қырҭтәыла евроатлантикатә шәарҭадара аиқәырәшара аус аҿы алагала ду аҟаҵара шалшо.

Ҳара Қырҭтәылаҟны аполитикатә диалоги апрактикатә усеицуреи анагӡара ҳазыхиоуп.

2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аҿы иҳадаҳкылаз аӡбара шьақәҳарҕәҕәоит, Қырҭтәыла Алианс алахәылас иҟалоит,  ауснагӡатәқәа рплан (MAP)  ари апроцесс иузалымхуа хәҭоуп. Ҳара абри аӡбара адетальқәа зегьы, иара убас, анеҩстәи аӡбарақәа зегьы шьақәҳарҕәҕәоит.

НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа анагӡараҿы иҟоу апрогресс ҳазыразуп.

Евроатлантикатә интеграциа апроцессаҿ апрогресс иҟазарцаз,  Қырҭтәыла ареформақәа рынагӡара апроцессаҿ ақәҿиара амазароуп, ҷыдала, ахадаратә демократиатә реформақәа рынагӡара ахырхарҭала, иара убас, Қырҭтәыла ашықәстәи амилаҭтә программа инагӡаны ахархәара алшароуп“, – иануп акоммиунике аҿы.