НАТО Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла евроатлантикатә ҽазышәареи атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи иазкны   арезолиуциақәа 3 ирыдгылеит
НАТО Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла евроатлантикатә ҽазышәареи атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи иазкны   арезолиуциақәа 3 ирыдгылеит

Копенгаген имҩаҧгаз аиҧылараҿы НАТО Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла евроатлантикатә ҽазышәареи атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи иахьалацәажәо  3 резолиуциақәа ирыдгылеит.

«Ҳара Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьреи Қырҭтәыла арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи закәандарала рымпыҵахалареи иааҧҵәаны ҳақәыӡбоит. Абри зегьы Аҩадаатлантикатә алианси,  евроатлантикатә қәыҧшылареи рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи азы шәарҭоуп.  Урыстәыла ахымҩаҧгашьа лабҿаба аанарҧшит амшынеиқәатәи арегион астратегиатә ҵакы шамоу.  Очамчыра арра-амшынтә база аргылара иазку Урыстәыла аҽазкра ҳақәыӡбоит. Ҳара адәныҟатәи анырра аҟынтә ихьчам апартниортә тәылақәа ирызку НАТО хазхаҭалатәи апакет анагӡара ҳадгылоит.   2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аӡбара амч шамоу шьақәҳарҕәҕәоит,  Қырҭтәыла хымҧада НАТО иалалоит. Ҳара Қырҭтәыла евроатлантикатә ҽазышәарақәа ҳрыдгылоит,  НАТО алаларазы иҟарҵо ашьаҿақәа ҳрықәшаҳаҭуп“, – иануп арезолиуциақәа руакы аҟны.

Арезолиуциа аномер 487 «Вильниустәи асаммит аӡбарақәа рынагӡара» ишану ала,  ари арезолиуциа Қырҭтәылеи Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаареи,  иара убас,  Қырҭтәылеи Босниеи Герцеговинеи ревроатлантаикатә интеграциеи иадгылоит.

Убри адагьы,  арезолиуциа аномер  484 НАТО иалоу атәылақәа рнапхгаҩцәеи рпарламентқәеи рахь ааҧхьара ҟанаҵоит  НАТО алаларазы акандидатцәа – Қырҭтәылеи,   Босниеи Герцеговинеи,  Молдовеи рҟны аусеицура дырҕәҕәарц.