НАТО Апарламенттә ассамблеиа ахантәаҩы Қырҭтәыла анапхгареи аоппозициеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  аиҿцәажәарақәа рыла акризис иалҵырц
НАТО Апарламенттә ассамблеиа ахантәаҩы Қырҭтәыла анапхгареи аоппозициеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  аиҿцәажәарақәа рыла акризис иалҵырц

 

НАТО Апарламенттә ассамблеиа ахантәаҩы, аконгрессмен Джеральд Конноли аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Қырҭтәыла иҟалаз аполиткиатә хҭысқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара Қырҭтәыла анапхгареи аоппозициеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  аиҿцәажәарақәа рыла акризис иалҵырц.

«НАТО Апарламенттә ассамблеиа ахадеи Америка Ахаҭарнакратә палата аҿы Қырҭтәыла аҩызцәа ргәыҧ аицхантәаҩи  иаҳасаб ала,  Қырҭтәыла иҟоу аполиткиатә кризис саргәамҵуеит. Агәра ганы сыҟоуп атәыла апотенциал аарҧшразы мҩа заҵәык шыҟоу – изҩыдоу адемократиа. Аха, рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылаҿы иҟоу аполитикатә полиаризациа адемократиатә процессқәа ирҧырхагоуп.

Жәамш раҧхьа сара Америка Аконгресс аҿы ицәырызгеит Қырҭтәыла адгыларатә акт. Зыӡбахәы ҳәоу адокумент даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи ашәарҭадареи ҕәҕәала ишадгыло. Аха, аамҭакала, адокумент аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп   атәылаҿы адемократиатә принципқәа рырҿиара аҵакы ду шамоу. Кыраамҭа инагӡо аполитикатә кризис алҵра Қырҭтәыла аҧеиҧши евроатлантикатә интеграциеи азы зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Ари ахықәкы анагӡара ҟалоит анапхгаратә гәыҧи аоппозициеи рыбжьара адиалоги агәреибагареи азы аҭагылазаашьақәа реиқәыршәара мацарала», — иануп аҳәамҭаҿы.