НАТО аккредитациа азҵаарақәа рзы гәыҧҩык аекспертцәа Атәыхьчара аинституциатә аргылара ашкол иаҭааит
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Атәылахьчара аинституциатә аргылара ашкол иаҭааит НАТО аккредитациа азҵаарақәа рзы гәыҧҩык аекспертцәа.
Аинформациа ишану ала, авизит хықәкыс иамоуп НАТО аккредитациа заур зҭаху аинститут аҳасабала ашкол аменеџьмент асистема ахәшьара аҭара.
«Авизит абзоурала, НАТО ахаҭарнакцәа, Ашкол аҵаратә системеи анапхгара аҭара апроцесс НАТО астандартқәа ишрышьашәалоу иазхарҵар рылшоит.
Егьи аганахьала, НАТО аеспертцәа рвизит алшара ҳнаҭоит DIB ашкол асахьала, НАТО анапхгараҭара ахаҭабзиара иашьашәалоу раҧхьатәи аҵаратә усбарҭа аиҿкаара», — иануп аусбарҭа адырраҿы.