Нато адгыларатә офис - НАТО Бухаресттәи асаммти аҿы, иара убас иашьҭанеиуа асаммитқәа рҿы Қырҭтәыла Альянс алалара иадҳәаланы ирыдыркылаз аӡбарақәа иадгылоит
Ҩыжәижәаба шықәса ҵуеит Қырҭтәыла Евроатлантикатә аинтеграциа амҩала иныҟәоижьҭеи, Нато Қырҭтәыл ареформақәа иадгылоит. Қырҭтәыла Нато азы апартниор-гәакьоуп, – иануп Нато адгыларатә офис аланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, НАТО Бухаресттәи асаммти аҿы, иара убас иашьҭанеиуа асаммитқәа рӡы Қырҭтәыла Альянс алалара иадҳәаланы ирыдыркылаз аӡбарақәа иадгылоит
“Қырҭтәылa шықәсыктәи aмилaҭтә прогрaммеи (ANP) Нато-Қырҭтәылатәи апакети (SNGP -Suitable Needs Package) ирыбзоураны, Қырҭтәыла атәылахьчаратәи ашәарҭадаратәи аструктурақәеи Нато астандартқәеи реизааигәара нагӡахоит. НАТО 2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммти аҿы, иара убас иашьҭанеиуа асаммитқәа рҿы Қырҭтәыла Альянс алалара иадҳәаланы ирыдыркылаз аӡбарақәа иадгылоит – Қырҭтәыла алианс иалалоит. Алианс Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи, адемократиа аҿиареи рыдгылара нанагӡоит”, – иануп аҳәамҭаҿы.