НАТО адекларациа – Ҳара Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рзы аполитикатәи апрактикатәи адгылара ҷыда аизырҳаразы аӡбара ҳадаҳкылеит
Мадрид имҩаҧысуа НАТО асаммит иалахәы атәылақәа рлидерцәа ирыдыркылаз аихшьаалатә декларациаҿы Қырҭтәылагьы аӡбахәы ҳәоуп.
Адекларациа ишану ала, Алианс алахәылацәа Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рзы аполитикатәи апрактикатәи адгылара аизырҳара рыӡбеит.
«Ашәарҭадара аганахьала Европа иҟоу апроблемақәа иазҧхьагәаҭаны, ҳара Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи, егьырҭ ҳпартниорцәеи рзы аполитикатәи апрактикатәи адгылара аизырҳара ҳаӡбеит. Арҭ атәылақәа ракзаареи, рҭышәынтәалареи арҕәҕәареи рпотенциал арҿиареи азыҳәан аус рыцаауеит», — иануп адекларациаҿы.
Атекст инақәыршәаны, асаммит алахәылацәа Австралиеи, Финлиандиеи, Қырҭтәылеи, Иапониеи, Аладатәи Кореиеи, Зеландиа Ҿыци, Швециеи, Украинеи рлидерцәеи, иара убас, Европатәи ахеилаки Еврокомиссиеи рхадацәеи рҟны ргәаанагарақәа еиҭнырыҧсахлеит.
«Мадрид НАТО апартниорцәа рацәа еиезеит. Иорданиеи Мавританиеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи, иара убас, Босниеи Герцеговинеи атәылахьчара аминистри рылахәызара ахә ҳшьоит», — иануп адекларациаҿы.