Нақерала ахыҵхырҭаҿ ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәыргылоуп
Қырҭтәыла Автомобилтә мҩақәа рдепартамент Нақерала ахыҵхырҭаҿ ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәнаргылеит.
Адепартамент адыррала, имҩаҧгаз арыцқьаратә усурақәа рыбзоурала, аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аҵакы змоу Қәҭешь(Моҵомеҭа)-Тҟибули-Амбролаури автомобилтә мҩа 39-52 км. (Нақарела ахыҵхырҭа) ацыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра еиҭашьақәыргылоуп.