Нанҳәазы иҟалаз аибашьра иалаӡыз ауааԥсыра ргәаларшәара азы, Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ абираҟқәа лашьҭуп
Нанҳәазы иҟалаз аибашьра иалаӡыз ауааԥсыра ргәаларшәара азы, Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ абираҟқәа лашьҭуп

2008 шықәса нанҳәазы иҟалаз аибашьра иалаӡыз ауааԥсыра ргәаларшәара азы, Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ абираҟқәа лашьҭуп.

Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 17 шықәса ҵит. Нанҳәатәи аибашьраан иҭахеит 400-ҩык иреиҳаны. Ақәԥараҿ иҭахақәази ахәрақәа заузи рхыԥҳьаӡара 2232-ҩык иаҟароуп, урҭ рҟынтә 1045-ҩык арратә маҵзуҩцәа роуп.

Аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп атәыла зехьынџьара иҟоу административтә хыбрақәеи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәеи рҿы.