Наҭиа  Турнава  IMD ахаҭарнак диҧылеит
Наҭиа  Турнава  IMD ахаҭарнак диҧылеит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава Анапхгаратә аҿиара жәларбжьаратәи институт  (IMD) ахаҭарнак  Артуро Бри диҧылеит, иара  «Адунеитә конкуренциалшара аиндекс» еиқәиршәоит.

Амилаҭтә банк адыррала, аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи  Қырҭтәыла ари аиндекс алагалара иацхрааша алшарақәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ари аинститут Қырҭтәыла иазҿлымҳахеит жәларбжьаратәи аренаҿ атәыла аӡыргара иашеи егьырҭ зыхьӡ дуу ареитингқәа рҿы атәыла иамоу аҧхьагыларатә позициақәеи рыбзоурала.  Ареитинг ҿыц аҿы Қырҭтәыла ахәшьара аиуеит аинфраструктуратәи, аинституциатәи, аекономикатәи лагылазаара инақәыршәаны.

«Зыхьӡ ду жәларбжьаратәи аиҿкаара –  IMD аус ҳацура иазҿлымҳахеит.  Қырҭтәыла  «Адунеитә конкуренциалшара аиндекс» ала ахәшьара арҭар даараӡа ибзиахон.  Дара аус ҳацура рҭаххеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк афинанстә система аартызаареи иҭышәынтәалоу аусура иашеи абзоурала“, — илҳәеит Наҭиа Турнава аиҧылара ашьҭахь.