Наҭиа Турнава – Амилаҭтә банк иҟанаҵо ашьаҿақәа зегьы жәларбжьаратәи асанкциақәа ирышьашәалоуп
Наҭиа Турнава – Амилаҭтә банк иҟанаҵо ашьаҿақәа зегьы жәларбжьаратәи асанкциақәа ирышьашәалоуп

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо, актәи авице-ахада Наҭиа Турнавеи, авице-ахадацәа  Арчил Мествиришвилии, Папуна Лежавеи,  Николоз Гагуеи  асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак Девидом О’Салливани, Америка Аҳәынҭқарратә департаментаҿы асанкциақәа рзы акоординациа аҟәша анапхгаҩы Џьеимс  О’Браиени, Британиа Ду адәныҟатәи аусқәеи, аиҩызареи, аҿиареи рзы аофис адиректор  Кумар  Аиери, аделегациа егьырҭ алахәылацәеи ирҧылеит.

Амилаҭтә банк адыррала, аиҧылара алахәылацәа Америкеи, Британиа Дуи, Евроеидгылеи Урыстәыла иазышьақәдыргылаз афинанстә санкциақәа рынагӡара иалацәажәеит.

«Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ари ахырхарҭала Амилаҭтә банк аусура ахәшьара бзиа арҭеит. Америка Аҳәынҭқарратә департамент аҳасабырба инақәыршәаны,  Қырҭтәыла Амилаҭтә банки афинанстә институтқәеи жәларбжьаратәи асанкциақәа ирықәныҟәоит», — иануп Амилаҭтә банк адырраҿы.

Наҭии Турнава ишазгәалҭаз ала, Амилаҭтә банк  Қырҭтәыла афинанстә усхкы аҿы апҟарақәеи аҧкрақәеи рынагӡара еиқәнаршәоит.

«Иара убас, хымҧада иазгәаҭатәуп асанкциақәа рықәныҟәара амониторинг  шымҩаҧысуа аибашьра аҩбатәи амш инаркны, иахьа жәларбжьаратәи апартниорцәа ирызцәыраагеит ари амониторинг алҵшәақәа зегьы», — илҳәеит  Наҭия Турнава.