Наҭиа Ҭурнава - Абжьаратә коридор аҿы FinTech арегионалтә ҳаб аҳасабла аҿиаразы Қырҭтәыла алшарақәа зегь амоуп
Наҭиа Ҭурнава - Абжьаратә коридор аҿы FinTech арегионалтә ҳаб аҳасабла аҿиаразы Қырҭтәыла алшарақәа зегь амоуп

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынцақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава адунеи аҿы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау Сингапуртәи финтех (Singapore FinTech Festival (SFF)) афестиваль далахәын, Ҭурнава афестиваль асасцәа Қырҭтәыла афинанстә технологиақәа риндустриа ақәҿиара иазку адыррақәа рыдалгалеит.

Амилаҭтә банк аҟынтә ишаарыцҳаз ала, сынтәа раԥхьаӡа акәны Қырҭтәыла амилаҭтә банк Singapore FinTech Festival иалахәын, ахатә цәыргақәҵатә қәыԥшылара аман, ацәыргақәҵаҿ иаарԥшын “Қырҭтәыла абанки” ақырҭуа финтех-стартап “Феивии”.

Афестиваль слоганс аман “Афинанстә технологиақәеи абжьаратә коридор аҿиара аимпульси”.

Наҭиа Ҭурнава лажәақәа рыла, абжьаратә коридор аҿы финтех арегионалтә ҳаб аҳасабла аҿиаразы Қырҭтәыла алшарақәа зегь амоуп

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынцақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава Singapore FinTech Festival аҳәаақәа ирҭагӡаны еизаз асасцәа ирзеиҭалҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк финтехи ари аиндустриа аинтересла иазныҟәо аинвесторцәа рзы иҟанаҵаз ашьаҿақәа рызкны.