Наҭиа Ҭурнава IMF-и WB-и ааԥынратә реилатәарақәа дрылахәхоит
Наҭиа Ҭурнава IMF-и WB-и ааԥынратә реилатәарақәа дрылахәхоит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациала, Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава дызхагылоу ақырҭуа делегациа мшаԥы 13-19 рзы Вашингтон имҩаԥысуа IMF-и WB-и ааԥынратә реилатәарақәа дрылахәхоит.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Наҭиа Ҭурнава Жларбжьаратә авалиутатә фонд адиректор ихаҭыԥуаҩ Бо Лии, анагӡаратә дирактор Пол Хилберси, адиректор ихаҭыԥуаҩ Влад Рашковании дырԥылоит. Иара убас Ҭурнава диԥылоит Ааигәа Мрагылареи Ацентртә Азиеи рыҟәша адиректор Џьихад Азур.

Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава EBDR ахада Одиль Рене-Бассои Сан-Марино Ацентртә банк ахада Катиа Томасеттии дырԥылоит.

ЕАШ авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ақырҭуа делегациа алахәылацәа рхы аладырхәоит Ааигәа Мрагылареи Ацентртә Азиеи рекономикатә форум. Иара убас аделегациа алахәылацәа IFC) ахада Альфонсо Гарсия Мора иԥылоит.