Наҭиа Ҭурнава JP Morgan вице-ахада диԥылеит
Наҭиа Ҭурнава JP Morgan вице-ахада диԥылеит

Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава Азиа аҿиара абанк (ADB) 57-тәи есышықәсатәи аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла визитла иҟоу JP Morgan вице-ахада Даниель Зеликов диԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит Қырҭтәыла амилаҭтә банк JP Morgan-и ирыбжьоу кыршқәсатәи аусеицура азҵаарақәа. Ҷыдала иазааҭгылеит наҟ-наҟтәи аусеицура аперспективақәа

Иара убас аганқәа ирыхәаԥшит аекономикатә ҭагылазаашьеи аглобалтә ааԥхьарақәеи.