Мшаҧы 20 рзы агуманитартә корридорла Мариуполь иалҵит аевакуациатә автобусқәа ҧшьба
Мшаҧы 20 рзы агуманитартә корридорла Мариуполь иалҵит аевакуациатә автобусқәа ҧшьба

«Мшаҧы 20 рзы агуманитартә корридорла Мариуполь иалҵит аевакуациатә автобусқәа ҧшьба, иахьа ауааҧсыра ревакуациа нагӡахоит», — илҳәеит Украина авице-аҧыза Ирина  Верешук.

Лара ауааҧсыра агәҽанҵара рылҭеит ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа шыцәгьоу, убри аҟынтә, аевакуациа аамҭеихшара рыҧсахыр ауеит. Верешук ауааҧсыра дрыҳәеит аофициалтә дыррақәа  ирыцклаҧшларц.

Аурыс арбџьармчқәа Мариуполь амацәаз иҭакны ирымоуп хәажәкыра 1 инаркны.