Москва, „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 147-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Москва, „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 147-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Москва, „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 39-ҩык рҟынӡа инаӡеит, – ааицҳаит Урыстәыла аусԥшааратә комитет ахантәаҩы Александр Бастрикин Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟны аиԥылараан.

„Ажәылараан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 147-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ рҟынтә 75-ҩык ридентификациа ҳалшеит. Аԥсыҭбарақәа иреиуп хҩык ахәыҷқәа“, – иҳәеит Бастрикин.

Урыстәыла аусԥшааратә комитет ахантәаҩы Александр Бастрикин ишааицҳаз ала, ахәрақәа роуит 182-ҩык.

Москва,  бџьарла еибыҭаз ахаҿқәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ иҩналан, аконцертахь инеиз ауаа иреихсуа иалагеит. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ажәылара атерракт аҳасабала иахцәажәеит.