ВВС аинформациала, "Крокус Сиҭи Ҳолл" иақәлаз ҩыџьа ахаҿқәа иршьит
ВВС аинформациала, "Крокус Сиҭи Ҳолл" иақәлаз ҩыџьа ахаҿқәа иршьит

ВВС аинформациала, Москва “Крокус Сиҭи Ҳолл” иақәлаз ҩыџьа ахаҿқәа иршьит.

ВВС адыррақәа рыла, ақәылаҩцәа руаӡәы ақәылараан дыршьит, даҽаӡәы – Бриансктәи аобласт аҟны, уа амашьына “Рено” иҭатәаз ацәгьоуҩы азакәанхьчаҩцәа дыршьит.

ВВС аинформациала, ирымоу адыррақәа рыла, Бриансктәи аобласт аҟны иршьыз ахаҵа Таџьикистан атәылауаҩ иоуп, аха ихьӡи ижәлеи рҳәом.

Москва, аконцерттә зал  „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара  133-ҩык  рҟынӡа иазҳаит.

Хәажәкыра 24 Урыстәылаҿ алахьеиқәҵаратә мшуп.