Москва иҟалаз атҟәацраан Урыстәыла атәылахьчаратә мчқәа арадиациа аҽацәыхьчаратә мчқәа реиҳаби ицхырааҩи ҭахеит
Москва иҟалаз атҟәацраан Урыстәыла атәылахьчаратә мчқәа арадиациа аҽацәыхьчаратә мчқәа реиҳаби ицхырааҩи ҭахеит

Москва иҟалаз атҟәацраан дҭахеит Урыстәыла атәылахьчаратә мчқәа арадиациеи,ахимиатәи абилогоиатәи аҽацәыхьчаратә мчқәа реиҳабы аинрал-леитенант Игор Кириллов.

Аинформациа Урыстәыла аусԥшааратә комитет иаланарҵәеит.

Атҟәацга иҩны аҩналарҭаҿ игылаз амалакәыры иаҵаҵан. Атҟәацраан дҭахеит Игор Кириллов ицхырааҩгьы. Аҭыԥ аҿы аус руеит аусԥшааҩцәа, акриминалистцәа, аоперативтә маҵзура аусуҩцәа.