Михеил Саакашвили - Жьҭаара 2 рзы Қарҭ саҭаауеит, абилеҭ аасхәахьеит, ҳаидгыланы Қырҭтәыла аиқәырхара ҳалагароуп
Жьҭаара 2 рзы Қарҭ саҭаауеит, абилеҭ аасхәахьеит, ҳаидгыланы Қырҭтәыла аиқәырхара ҳалагароуп, – ааицҳаит Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили.
Саакашвили иажәақәа рыла, алхырҭақәа рыркра ашьҭахь, аиааирагаҩцәа рхатә позициақәа рыхьчароуп.
Саакашвили ишааицҳаз ала, жьҭаара 2 рзы Қырҭтәыла аиқәырхара азҵаара гылоуп.
“Жьҭаара 2 рзы Қырҭтәыла аиқәырхара азҵаара гылоуп. Қарҭ саҭаауеит, абилеҭ аасхәахьеит, ҳаидгыланы Қырҭтәыла аиқәырхара ҳалагароуп. Ҳахшара рԥеиԥш азы хақәԥароуп, Қырҭтәыла ахсаараҿ мацара иаанымхароуп, уажәы атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа ԥсахтәуп. Ҳаидгылароуп, аиааира ҳгароуп. Қарҭ ҳаиԥылоит,” – иҳәеит Михеил Саакашвили.