Қырҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили ипроцесс еиҭах ахыԥоуп.
Апроцесс аҿы ицәырган Апенитенциартә маҵзура ҷыда ашәҟәы, ашәҟәы ишану ала, Михеил Саакашвили игәамбзиара амзызла аӡбарҭатә процесс аҽалархәра мап ацәикит.
Апроцесс аҿы ицәырган ахәышәтәырҭа “Вивамед” амедикцәа рышәҟәы, аҳақьымцәа ишаарыцҳаз, ԥасатәи ахада игәабзиара ҽеим, убри аҟынтә аӡбарҭатә процесс ашҟа инагара ҟалом.