Ажәа шәысҭоит, абахҭантә сҭыҵыр, жәамш рышьҭахь изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара аӡраба шрыдыркыло, – иануп Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили ишәҟәы аҟны. Ашәҟәы Русҭави иҟоу 12-тәи абахҭантә дәылигеит адукат Дмитри Саӡаглишвили.
Михеил Саакашвили иажәақәа рыла, алхрақәа раан ақырҭуа жәлар ақалақьқәа зегьы рҿы аиааира ргеит, Иванишвили урҭ риааира рымихит. Убри аҟынтә атәыла иахьаҵанакуа ауааԥсыра апротест ҟарҵароуп.
“Адәахьы алидер фырхацәа рацәаны иҟоуп, лымкаала Ника Мелиа, иара убас арегионтә лидерцәеи еиуеиԥшым апартиақәа рлидерцәеи, урҭ иреиуоуп абиԥара ҿыц.
Ажәа шәысҭоит, абахҭантә сҭыҵыр, жәамш рышьҭахь изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара аӡраба шрыдыркыло, Иванишвили даҵахуеит. Уажәы ауаажәлар рымчқәа еидкыланы, аиааирахь ашьаҿақәа ҟарҵароуп. Аиааира арецепт заҵәык амоуп – ҳхыԥхьаӡареи амааԥсареи,” – ааицҳаит абахҭантә Саакашвили.