Михеил Саакашвили - Еиуеиԥшым акциақәа рацәаны мҩаԥыжәгарц ажәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит, ԥхынкәын азы идуӡӡоу амилаҭтә акциа мҩаԥаагароуп
Еиуеиԥшым акциақәа рацәаны мҩаԥыжәгарц ажәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит, ԥхынкәын азы идуӡӡоу амилаҭтә акциа мҩаԥаагароуп, – иануп Феисбук Михеил Саакашвили идаҟьа ианылаз ашәҟәы.
“Иацы ишаасыцҳаз ала, арҭ амшқәа рзы зхы иақәиҭу ауаажәларратә комитет иаԥҵап ҳәа сгәыӷуеит. “Амилаҭтә ҵысра” ари ахырхарҭала аусзура шынанагӡо здыруеит. Еиуеиԥшым акциақәа рацәаны мҩаԥыжәгарц ажәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит, ԥхынкәын азы идуӡӡоу амилаҭтә акциа мҩаԥаагароуп.
Абҵара 29 рзы имҩаԥысран иҟаоу “аӡбарҭатә процесс” аан аӡбарҭа ахыбра аԥхьа шәеизар сшәыҳәоит. Аӡбарҭа фарсу, ари ибзиаӡаны ижәдыруеит, аха уи ҳаиԥылара ҭыԥны ҟаҳҵар ҳалшоит, ” – иҩуеит Михеил Саакашвили.