Михеил Саакашвили - Ақырҭуа жәлари зхы иақәиҭу аихи срацәажәарц алшара сышәҭ, ари ВВС-и "Фоқси" уҳәа уб. егь. иркьыԥхьуеит
Украина саныҟаз, ԥасатәи ахада сықәыӡбара иақәикит, усҟан аӡбарҭа уадаҿ 50 иреиҳаны акамерақәа аус руан, – иҳәеит Михеил Саакашвили аӡбарҭаҿ.
“Сара Украина атәылауаҩ соуп. Украина 50 миллионҩык иқәынхоит, уа еицырдыруа аполитик соуп. Украинаҿ канал заҵәык акәӡам иҟоу. Актәи аканал аефир аҿы 10 секун ма 20 секунду иддырбоит, ари иазхом. Ақырҭуа жәлари зхы иақәиҭу аихи срацәажәарц алшара сышәҭ, ари ВВС-и “Фоқси” уҳәа уб. егь. иркьыԥхьуеит, аефир аҿы иддырбоит. Украина саныҟаз, ԥасатәи ахада сықәыӡбара иақәикит, усҟан аӡбарҭа уадаҿ уажәы ҳахьгылоу аҵкьыс имаҷын, аха уа 50 иреиҳаны акамерақәа аус руан. Африкатәи атәылақәа рҿы ҳаҟоума? Аҩадатәи Кореиаҿ ҳаҟоума? Аҳәынҭқарратә канали Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи рыгәра згом. Саҭамыз. Сажәацыԥхьаӡа аҵак ҷыда амоуп,” – иҳәеит Михеил Саакашвили.