Михеил Саакашвили - Агәилқәа рреволиуцианӡа Қырҭтәыла дгьылын мацара, уи ашьҭахь Қырҭтәыла иҳәынҭқарахеит, алашьцарантә ҭыҵын акакаҷра иалагеит
Михеил Саакашвили - Агәилқәа рреволиуцианӡа Қырҭтәыла дгьылын мацара, уи ашьҭахь Қырҭтәыла иҳәынҭқарахеит, алашьцарантә ҭыҵын акакаҷра иалагеит

Агәилқәа рреволиуциа ашьҭахь Қырҭтәыла арегион аҿы супераеҵәас шьақәгылеит, миллионла уааԥсыра ргәы шьҭыхит, – иануп Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили Феисбук идаҟьаҿ иларҵәаз аҳәамҭа аҿы.

“Агәилқәа рреволиуциа ашьҭахь Қырҭтәыла арегион аҿы супераеҵәас шьақәгылеит, миллионла уааԥсыра ргәы шьҭыхит. Украинеи, Кыргизиеи, Ливани, Араԥтәи аҳәынҭқаррақәеи рҿы ареволиуциақәа мҩаԥысит. Ҳреформақәа адунеи азы иҿырԥшыган.

Ҳтәыла ахьӡи акакаҷреи рхынҳәра алшоит. Иахьа, 18 шықәса рышьҭахь, аҭоуба зуеит. Агәилқәа рреволиуцианӡа Қырҭтәыла дгьылын мацара, уи ашьҭахь Қырҭтәыла иҳәынҭқарахеит, алашьцарантә ҭыҵын акакаҷра иалагеит,” – иануп Михеил Саакашвили иҳәамҭа аҿы.