Михаил Сарџьвелаӡе анаркоманиатә чмазара змоу ауаа хымԥадатәи рыхәшәтәра апроцесс аҽалахәразы иаԥҵаз акомиссиа алахәылацәа дырԥылеит
Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе анаркоманиатә чмазара змоу ауаа хымԥадатәи рыхәшәтәра апроцесс аҽалахәразы иаԥҵаз акомиссиа алахәылацәа дырԥылеит.
Аминистр иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра ихадоу аусқәа иреиуп абенефициарцәа ринтересқәа рыхьчареи урҭ аремиссиа аетап ахь риагареи. Ари аус аҿы акомиссиа аҵак ду амоуп.
Акомиссиа ачымазцәа хымԥадатәи рыхәшәтәразы иаԥҵоу амедицинатә ҟәша ҷыдаҿ рышьҭаҵара азҵаара иахәаԥшуеит. Астационар Ахшыҩтә гәабзиареи анаркотикқәа рхархәара аԥхьырҟәҟәаареи рзы Ацентр абазаҿ уажәааны аадыртит.
Аминистр ишазгәеиҭаз ала, ахәышәтәырҭаҿы ахәышәтәра ҳаамҭазтәи аклиникатә ԥҟарақәеи адунеизегьтәи астандартқәеи рыла имҩаԥысуеит.