Михаил Саакашвили Қырҭтәыла дыҟоушәа адырра алаирҵәеит

 

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳа «Феисбуқ» ихатә даҟьаҿы аинформациа алаирҵәеит иара маӡала  Қырҭтәылаҟа дааизшәа, уажәшьҭа атәылаҿы дыҟоушәа.

«Шьыжьбзиа, Қырҭтәыла,  8 шықәса рышьҭахь Қырҭтәылантә аҧсшәа шәасҳәоит», — иҩит Саакашвили.

Аха, абри апост изакәызаалак афотоҭыхымҭақәа ма даҽа аршаҳаҭгақәак ацым.