Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Акультуреи аԥсшьареи рпарк аҿы Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеранцәа Аиааира амш рыдырныҳәалеит.
Ахада Мелитон Қанҭариа ибиуст аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵан, Аҩбатәи адунеитә аибашьра иалаӡыз рыхьӡқәа игәалаишәеит.
«Лаҵарамза 9 рзы адунеи аҿы афашизм ҭадырхеит. Ақырҭуаа ари аиааираҿ алагала ду ҳамоуп. Ҳфырхацәа-ветеранцәа апатуқәҵарарзаасырԥшыр сҭахуп», – иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.