Михаил Ҟавелашвили Аҷара Автономтә Республика аиҳабыра рхантәаҩы диԥылеит
Михаил Ҟавелашвили Аҷара Автономтә Республика аиҳабыра рхантәаҩы диԥылеит

Қырҭтәыла Ахада Михаил Ҟавелашвили Аҷара Автономтә Республика аиҳабыра рхантәаҩы Сулхан Ҭамазашвили диԥылеит.

Аҷара Аиҳабыра рыҩны имҩаԥысыз ааиԥылараҿ арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи, атуристтә сезон амҩаԥысшьеи, ари ахырхарҭала инагӡахо апроект ҿыцқәеи ирылацәажәеит.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аҷара иҟоу ​​ауадаҩрақәеи урҭ рыӡбаратә мҩақәеи.

Михаил Ҟавелашвили Сулхан Ҭамазашвили иҟынтә ԥхьаҟатәи игәҭакқәа рзы адыррақәа иоун, аҭакԥхықәра зду имаҵураҭыԥ аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.