Михаил Ҟавелашвили Аҧсны иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа ртәылауаҩратә панихидаҿ дыҟан
Михаил Ҟавелашвили Аҧсны иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа ртәылауаҩратә панихидаҿ дыҟан

Қырҭтәыла ахада Михеил Ҟавелашвили 1990-тәи шықәсқәа раан Аҧсны иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа ртәылауаҩратә панихидаҿ дыҟан, ахада Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу рҭаацәарақәа рылахәылацәа дрыдашшылеит

Зыҧсыбаҩқәа ииагоу, зыхьӡқәа еилкаау 6-ҩык рҟынтә 5-ҩык аруаа роуп, аӡәы аҭынтәылауаҩ иоуп. Аԥсыбаҩқәа ииаган Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати  Аџьар Қаҧшь жәларбжьаратәи акомитети  русеицура иабзоураны.

Апанихида Самеба аныхабааҿ мҩаԥган.