Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, хара имгакәа, Қарҭ аадыртуеит аукраин бызшәала аус зуа ашколтә сектор. Аҵара аминистрра адыррала, ҩымчыбжь имҩаҧысуаз аиҿкааратә усурақәа ахыркәшаранӡа инеихьеит.
Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкели аукраин бызшәа асектор арҵаҩцәа дырҧылеит.
Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала, амаҭәарқәа зегьы рзы арҵаҩцәа алырххьеит. Урҭ иреиуп уажәааны Украинантә иааиз арҵаҩцәеи аукраин бызшәа здыруа аҭыҧантәи ауааҧсыреи. Дара аџьаусҧса роуеит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә.