Михаил Чхенкели ауниверситетқәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы астуденттә анхарҭақәа рзы драцәажәеит
Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкели Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет адектор инапынҵақәа назыгӡо Џьаба Самушиеи, Қырҭтәыла Атехникатә универстет аректор Давиҭ Гургениӡеи, Илиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә университет аректор Нино Доборџьҕиниӡеи, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Зураб Орџьоникиӡеи, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә университет анапхара рхаҭарнакцәеи дырҧыланы, астуденттә анхарҭақәа рзы драцәажәеит.
Аиҧылараҿы аминистр ари апроцесс арццакразы иҟоу алшарақәа зегьы дрылацәажәеит. Михаила Чхенкели ишиҳәаз ала, ари апроцессаҿ астудентцәа рылахәызаара аҵакы ду амоуп.
Аҳәынҭқарратә университетқәа рнапхгаҩцәа аминистр изцәырыргеит астуденттә анхарҭақәа ирызку азҵаарақәа зегьы рыӡбаразы ирымоу аинициативақәа. Аминистр ишиҳәаз ала, аминистрра апроектқәа зегьы рынагӡараҿы ирыцхраауеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра.