Михаил Чхенкели Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситетаҿ  аусура наигӡоит
Михаил Чхенкели Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситетаҿ  аусура наигӡоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкели диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвили Михаил Чхенкели ҭабуп ҳәа иеиҳәеит министрс даныҟаз инаигӡаз аусуразы.

Ҧасатәи аминистргьы аиҳабыра рнапхгаҩы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили игәаҧаҿ аусура иара изы ҳаҭыр дуун.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ҧасатәи министр наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Михаил Чхенкели академиатә усура дазыхынҳәуеит, Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет жәларбжьаратәи абжьагаҩцәа рхеилак ахантәаҩы иаҳасабала аусура наигӡоит.