Мианмар иҟалаз адгьылҵысраан зықьҩык иреиҳаны иҭахеит
Мианмар иҟалаз адгьылҵысраан зықьҩык иреиҳаны иҭахеит

Мианмар иҟалаз адгьылҵысраан зықьҩык иреиҳаны ҭахеит, – аарыцҳаит аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә аихқәа.

Иҟоу адыррақәа рыла, ахәрақәа роуит 2370-ҩык иреиҳаны.

Аҭыԥантәи напхгара рдыррақәа рыла, еилаҳауп ахыбрақәа, ацҳақәа, амҩадуқәа. Адгьылҵысраан аԥхасҭа зауз арегион аҟны аиқәырхара-аԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Фрегионк рҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп.

Атәыла абџьармчқәа рнапхгаҩы Мин Аунг Ҳлаинг идыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа рхыԥҳьаӡара иазҳар ҟалам. Иара жәларбжьаратә уаажәларра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Мианмар ацхыраара азаадырԥшырц.  Мианмар ахь агуманитартә цхыраареи аиқәыхаратә гәыԥқәеи Китаи Индиеи рышьҭхьеит. ЕАШ Мианмар ацхыраара аднагалеит. Иҟоу адыррақәа рыла, аԥсабаратә рыцҳара азонашҟа аиқәырхаҩцәа рышьҭра Урыстәылагьы иазыхиоуп.

Мианмар 7.7 магнитуда змаз адгьылҵысра хәажәкыра 28 рзы ҟалеит, ари иахҟьаны, Бангкок 43 еихагыла змоу аконструкциа еилаҳаит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Мианмар даҽа 6.4 амагнитуда змаз дгьылҵысрак ҟалеит, аха аилаҳақәеи аԥсыҭбарақәеи ирызку адыррақәа иҟам. Иҟоу адыррақәа рыла, 1946 шықәса рышьҭахь ари Мианмар иҟалаз зегь реиҳа иӷәӷәоу адгьылҵысроуп.

Мианмар иҟалаз 7.7 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра иахҟьаны Бангкок 43 еихагыла змаз аконструкциа еилаҳаит.