Мианмар иҟалаз 7.7 амагнитуда амч змаз адгьылҵысраан 144-ҩык ҭахеит, 732-ҩык ахәрақәа роуит
Мианмар иҟалаз 7.7 амагнитуда амч змаз адгьылҵысраан 144-ҩык ҭахеит, 732-ҩык ахәрақәа роуит

Мианмар иҟалаз 7.7 амагнитуда амч змаз адгьылҵысраан 144-ҩык ҭахеит, 732-ҩык ахәрақәа роуит, – ааицҳаит атәыла абџьармчқәа рнапхгаҩы Мин Аунг Ҳлаинг.

Ҳлаинг идыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа рхыԥҳьаӡара иазҳар ҟалам. Иҟоу адыррақәа рыла, 96-ҩык Наифиидо аҿы ҭахеит, 18-ҩык – Сикаин аҿы, 30-ҩык – Мандалеи аҿы.

Атәыла фрегионк рҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп.

Мианмар 7.7 магнитуда змаз адгьылҵысра хәажәкыра 28 рзы ҟалеит, адгьылҵысра аепицентр Мандаилаи аҟынтә 17 км иацәыхараны иҟан.