Марта Кос - Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рыжәлар ирзыӡырҩырц, аинклиузивтә иҟазарц, атәылауаҩратә уаажәларра ирацәажәарц, ажәлар ишырҭаху еиԥш Европа иалаларц
Марта Кос - Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рыжәлар ирзыӡырҩырц, аинклиузивтә иҟазарц, атәылауаҩратә уаажәларра ирацәажәарц, ажәлар ишырҭаху еиԥш Европа иалаларц

Анапхгараҿы иҟоу ахаҿқәа Европа иазку адезинформациа аларҵәара иадгылоит. Абри еиԥш ииашоу анаратив ҳаҿагылоит, европатәи аинститутқәа рганахьала ажәылара ҳаҿагылоит, – илҳәеит арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта Кос Лиуксембург Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилатәара иалагаанӡа.

Кос лажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ахҭысқәа ирыдҳәаланы агәҭынчымра лызцәарҵит.

“Қырҭтәыла иҟоу агәҭынчымра хзаарго аҭагылазаашьа ҳахцәажәоит. Ақырҭуа уааԥсыра европатәи аԥеиԥш шырҭаху аадырԥшит, аха аиҳабыра ари рҭахым. Урҭ рҳәынҭқарра рыуаажәлар ирзыӡырҩуам. Европатәи амҩала аныҟәара рҭахым. Ишыжәдыруа еиԥш, аоппонентцәа, ажурналистцәа, атәылауаҩратә уаажәларра рхаҭарнакцәа ҭакуп, атәылауаҩратә уаажәларратә еиҿкаарақәа ргәаанагарақәа раарԥшра зин рымам. Анапхгараҿы иҟоу ахаҿқәа Европа иазку адезинформациа аларҵәара иадгылоит. Абри еиԥш ииашоу анаратив ҳаҿагылоит, европатәи аинститутқәа рганахьала ажәылара ҳаҿагылоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит рыжәлар ирзыӡырҩырц, аинклиузивтә иҟазарц, атәылауаҩратә уаажәларра ирацәажәарц, ажәлар ишырҭаху еиԥш Европа иалаларц”, – илҳәеит еврокомиссар.