Марокко иҟалаз адгьылҵысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  1037ҩык рҟынӡа, 672ҩык аахақәа роуит
Марокко иҟалаз адгьылҵысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  1037ҩык рҟынӡа, 672ҩык аахақәа роуит

 

Марокко 6,8 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  1037ҩык рҟынӡа.

Атәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла,  672 ҩык аахақәа роуит.

Ахаҳәрҟәарақәа рыҵаҟа уажәгьы ауаа иҟоуп.

Аҧсабаратә рыцҳара аепицентр иҟан Марракеш иазааигәаны, Атласстәи ашьхақәа рыгәҭа. 19 минут рышьҭахь иҕәҕәаӡаз афтершокқәа еиҭаҟалеит.

Аҧсабаратә рыцҳара амшала зегьы реиҳа иҕәҕәаз ааха аиуит Марракеш,  уи ИУНЕСКО адунеизегьтәи ҭынха аобиектуп.