Марк Рутте - Аҩны шкәакәаҿ имҩаԥгаз аиԥылаҿ Украинахь ар ашьҭра азҵаара иқәгыламызт
Марк Рутте - Аҩны шкәакәаҿ имҩаԥгаз аиԥылаҿ Украинахь ар ашьҭра азҵаара иқәгыламызт

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Рутте «Fox News» аефир аҿы ишазгәеиҭаз ала, Аҩны шкәакәаҿ имҩаԥгаз аиԥылаҿ Украинахь ар ашҭра азҵаара иқәгыламызт.

Рутте иажәақәа рыла, арҭ амшқәа рзы ашәарҭадаратә гарантиақәа ирызку иацҵоу адыррақәа еилкаахоит.

«ЕАШ Украина аԥара рацәаӡаны арҭеит. Ахада Трамп НАТО европатәи апартниорцәа рҟны аиҿцәажәрақәа мҩаԥигеит, европатәи апартниорцәа роуп америкатә абџьар ашьҭразы аԥара зшәо», — иҳәеит Рутте.