Мариупольтәи ақалақь ахадара адыррақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа  400ҩык украинаа рҽахьырҵәахуаз ашкол абомба аларыжьит
Мариупольтәи ақалақь ахадара адыррақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа  400ҩык украинаа рҽахьырҵәахуаз ашкол абомба аларыжьит

 Мариупольтәи ақалақь ахадара адыррақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа  400ҩык украинаа рҽахьырҵәахуаз ашкол абомба аларыжьит. Аҭыҧантәи анапхгара рҳәамҭала,  ашкол ахыбра еилаҳаит,  ауаа ахаҳәрҟәарақәа рыҵаҟа иаанхеит.

Ақалақь ахадара адыррақәа рыла, ахыбраҿы аҳәсеи, ахәыҷқәеи, зықәра неихьоу ауааҧсыреи ракәын иҟаз.

Аҭахази аахақәа заузи ирызкны макьана аинформациа иҟам.