Марина Калиуранд – Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит Беларус Ашәарҭадаратә маҵзура аҟны аинформациа аиҭныҧсахлара иазку аиқәшаҳаҭра аҧырхырц
Марина Калиуранд – Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит Беларус Ашәарҭадаратә маҵзура аҟны аинформациа аиҭныҧсахлара иазку аиқәшаҳаҭра аҧырхырц

Европарламент адепутат  Марина Калиуранд  Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟалҵеит  «Беларус ирҧхашьагоу Ашәарҭадаратә маҵзура аҟны аинформациа аиҭныҧсахлара иазку аиқәшаҳаҭра аҧырхырц».

Калиуранд абри азҵаара иазкны илҩит  Twitter аҿы.

«Сара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит Беларус ирҧхашьагоу Ашәарҭадаратә маҵзура аҟны аинформациа аиҭныҧсахлара иазку аиқәшаҳаҭра аҧырхырц.  Лукашенко, алхрақәа рылҵшәақәа рҧаршеирала, мчыла амчра игеит. Беларус иацәыбналаны Қырҭтәыла ахыҵакырҭа зауз  ауааҧсыра ихьчазароуп», — илҩит  Марина Калиуранд.