Марин Ле Пен Евроеидгыла аԥара-ашьара хықәкылатәи шьаҭа амамкуа аныхразы ахара лықәырҵеит

Афранцыз ультраарӷьаратәи апартиа “Амилаҭтә акзаара” алидер Марин Ле Пен Евроеидгыла аԥара-ашьара хықәкылатәи шьаҭа амамкуа аныхразы ахара лықәырҵеит.

Аӡбарҭа апроцесс аҿы апрокурорцәа Ле Пен хәышықәса аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аусзура азин лымҭара идҵаны иқәдыргылеит. Аӡбаҩ идикыло аӡбара макана идырым. Марин Ле Пен лажәақәа рыла, 2027 шықәсатәи апрезиденттә алхрақәа рҿы аҵыхәтәаны аҽалархәра лгәы иҭоуп.